Арадио

"Агәалашәара амҩала": аешьцәа Романи Резои Кәартаа рфырхаҵара иазкны

Арадио Sputnik Аԥсны апроект "Агәалашәара амҩала" аҟны ишәыдаагалоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ахроника.
Sputnik
"Агәалашәара амҩала": аешьцәа Романи Резои Кәартаа ргәаларшәара

Sputnik Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иадҳәало зегьы есыҽны ишәзеиҭанаҳәалоит апроект "Агәалашәара амҩала" захьӡу аҿы. Аофициалтә шәҟәқәа, аветеранцәа ргәалашәарақәа, ашаҳаҭцәа рысалам шәҟәқәеи рымшынҵақәеи арадио аҿы шәазыӡырыҩлар ҟалоит, иара убас Sputnik Аԥсны асаит аҿы шәаԥхьар шәылшоит.