Аԥснытәи анцәахаҵаҩцәа Иордан аӡыԥшьаҟны рҽыркәабеит

Аԥснытәи анцәахаҵаҩцәа, аԥшьаныҟәаҩцәа зегьы реиԥш Аҩаша ду азы, Иисус дахьӡаархыз аҭыԥ аҿы Иордан аӡыԥшьа рыҽӡааршьит.
Sputnik

ИЕРУСАЛИМ, мшаԥы 3 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥснытәи анцәахаҵаҩцәа, аԥшьаныҟәаҩцәа зегьы реиԥш Аҩаша ду азы, Иисус дахьӡаархыз аҭыԥ аҿы Иордан аӡыԥшьа рыҽӡааршьит. 

Анцәахаҵаҩы Лиудмила Арзиани ари традициа бзианы дахәаԥшуеит. Лара фынтәуп аӡыԥшьа лыҽӡаалшьуеижьҭеи. Еснагь уи агәышьҭыхра ҷыда лзаанагоит.

Анцәа ихаҵаҩцәа Амца ԥшьа аҟәырҷаха аагаразы амҩа иқәлоит

"Аӡаҟны еиуеимилаҭмыз ауаа рҽыркәабон. Зегь ҳгәалаҟазаара оумашәа ишьҭыҵны иҟан. Иордан аӡы анухьуршо ушыҟало атәы ажәала аҳәара уадаҩуп. Ҿыц уеиҭаизшәа ухы убоит. Анцәа исыциҳәозар ԥхьаҟагьы есышықәса саалоит", — лҳәеит Арзиани.

Иордан аҟны ауп Иаса Қьырса иҽахьӡааихыз. Ари ахҭыс анцәахаҵаҩцәа зегьы рзы аҵак ду шамоу. Вахтанг Ԥиԥиа изныкым арахь даауеижьҭеи.

"Нцәахаҵарыла аӡы уҽанӡааушьуа ухьаақәа зегьы ухнагоит. Ҳара, ара иахьа иҟоу аԥсуа ԥшьаныҟәаҩцәа ҳашьцәа, ҳаҳәшьцәа, ҳхәыҷқәа, ҳмоҭацәа, аԥсуа жәлар зегьы рзы Анцәа ду ҳимҵаныҳәоит", — иҳәеит иара.

Акыр шәышықәсақәа ҵуеит Амшаԥ аԥхьа Аҩаша ду азы арахь анцәахаҵаҩцәа аауеижьҭеи.

Аԥснынтәи аныҳәарҭақәа рахь аныҟәаҩцәа Иерусалимҟа амҩа иқәлеит Амшаԥ аламҭалазы амца ԥшьа аҟәырҷаха аагаразы. Амца анҩеилак ашьҭахь дара Амшаԥ аламҭалазы Амца ԥшьа аҟәырҷаха рыманы Аԥсныҟа ихынҳәуеит.

Абхазские верующие вместе с сотнями паломниками со всего мира в Великий вторник омылись в освященной реке Иордан