АҞӘА, мшаԥы 3 — Sputnik. Украина Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Арсен Аваков иганахь ала Урыстәыла Ашьаусҭҵааратә еилакы ашьаус хацнаркит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, аусбарҭа аофициалтә хаҭарнак Светлана Петренко лажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.
Хәажәкыра 18 рзы украинатәи аполициа аусзуҩцәа Киев иҟоу Урыстәылатәи Ацҳаражәҳәарҭеи Одесса, Харьков, Львов иҟоу Аконсултә ҭыԥқәеи рыҩналарҭақәа адыркит. Урыстәыла атәылауаа рыбжьы рҭиир руамызт. Абри азы адҵа ҟазҵаз Арсен Аваков иоуп.
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны аҳәамҭа ҟарҵеит Украина ахымҩаԥгашьа акы иузаҿмырԥшуа, Жәларбжьаратәи азинхьчаратә нормақәа ирҿагыло, ауаҩытәыҩса изинқәеи ихақәиҭрақәеи рзы Аконвенциа еилазго хҭысуп ҳәа.
Украина заҵәык ауп адипмиссиақәа рҵакыраҟны Урыстәыла Ахада иалхраан абжьыҭира азин ҟазымҵаз.