Арадио

Џьынџьиа ауҭраҭых зааӡо раалыҵ аҳәаа ахыгара иазкны

Амармалташьтә пты ақыҭанхамҩа ианаҭаз ааха амҽхак еиҳамхарц, имариам аҭагылазаашьа алҵразы ирыдыркыло ауснагӡатәқәа арадио Sputnik аҟны дазааҭгылеит аҵиаақәа ркарантин азы аҳәынҭқарратә инспекциа аиҳабы Аркади Џьынџьиа.
Sputnik
"Хра злоу ахҭысқәа": Џьынџьиа ауҭраҭых зааӡо раалыҵ аҳәаа ахыгара иазкны

"Урыстәылатәи  сколлегацәеи сареи аицәажәара ҳамоуп, аӡырԥхақәа рҟны ауҭраҭых зааӡо еизганы ирыласҳәоит изықәныҟәаша аԥҟарақәа, иарабан хәшәтәроу рхы иадырхәаша. Нас ауҭраҭых ааӡарҭақәа рыкәша  апты кыгақәа ҟаҵатәхоит. Урыстәылеи ҳареи ҳабжьара ауаҭраҭых уҳәа аҳәаа ахыгара ахьыҟамло, иарктәуп ҳәа аӡбамҭа здызкылаз иааԥхьаны идырбатәуп. Агәаанагара ыҟоуп уи иалнаршоит ари азҵаара аҭыԥ ақәҵара", — ҳәа азгәеиҭеит Џьынџьиа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.