"Ахореографиа аганахьала Аԥсны ахьӡ ҭыргеит ҩҭыԥкгьы ааныркылеит Уарча ақыҭан еиҿкаау гәыԥ "Кәыдры". Ашәаҳәаҩцәа рҟынтә, аицлабра иалахәын хҩык, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан Наҳарбеи Чичба, Диана Ҷкадуаԥҳа, Камила Гоџьуаԥҳа. Дара зегьы "Аҿар рыбжьы" иалахәыз ракәын. Жәларбжьаратәи аицлабраҿы даара рхы бзианы иаадырԥшит.
Аԥсны амузыкатә текникатә рҳәагақәа хьысҳауп, амикрофон бзиаҵәҟьа узымԥшаауа аҟынӡа ҳнеихьеит. Ара санырзыӡырҩуаз иаасцәымыӷхеит, ҳцара алыҵшәа амаиур ҳәа. Уа ҳахьнеиз атехникатә ҭагылазаашьақәа бзиан, уара акыр улазар ухы ааурԥшыртә еиԥш аҭагылазаашьа ыҟоуп. Хабаровск инаркны Урыстәыла ахаҭарнакцәа зегьы шәҩыла еизаны иахьыҟаз, ҳаԥсуа хәыҷқәа доусы рықәра иахьаҵанакуа аԥхьахәқәа ргеит. Диана Ҷкадуаԥҳаи Наҳарбеи Чичбеи актәи аҭыԥқәа ааныркылеит, Камила Гоџьуаԥҳа далкаахеит, иреиҳаӡоу аԥхьахәгьы Гран-при лара аӡзаҵәык лоуп изгазгьы", — иҳәеит Кәарҷиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.