Арӡынба: Аԥснытәи атауарқәа аҳәааҭагалара еиҳа-еиҳа еиҵахоит

Аԥсны Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит аҭыԥантәи ааглыхыҩцәа ртауар еиҳа-еиҳа аԥсуа џьармыкьа "шампыҵанахало" атәы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 4– Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит аҭыԥантәи ааглыхыҩцәа ртауар еиҳа-еиҳа аԥсуа џьармыкьа "шампыҵанахало", аҳәааҭагалара акәзар еиҳа ишеиҵахаз атәы.

Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ақыҭанхамҩа аалыҵ алагалара аамҭала иԥкхоит

"Аԥсны иаадрыхуа ауҭраҭыхи егьырҭ атауарқәеи римпорт 2013-2014 шш. ирыҿурԥшуазар акыр икаҳаит. Уи иаанаго аҭыԥантәи ааглыхыҩцәа аҩныҵҟатә џьырмыкьа еиҳа иазхьаԥшуа иалагеит ҳәа ауп", — иҳәеит иара.

Аминистр инаҵшьны иазгәеиҭеит атәыла иаларгало атауар зегьы аҭыԥантәи ала аԥсахра иагьшаҭахым, иагьшалымшо.

"Аимпорт иныҭкааны аԥсахра иашам, иагьаҭахым. Иаҳҳәап, ҳара ҳҿы арыжәтә-ааглыхра дара аҽарҭбааны ишыҟоугьы аимпорт-аалыҵ ааргоит. Иҟоуп ахархәаҩцәа аимпорт-аалыҵ еиҳа бзиа избо, иаазхәар зҭаху", — иҳәеит Адгәыр Арӡынба.

Аҳәынҭқарра ишалшо ала аҭыԥантәи анаплакыҩцәа ирыцхраауеит. Урҭ еиҳа-еиҳа ирцәыцәгьахоит аҳәаанырцәтәи аилахәырақәа рацлабра, иара атәыла аҩныҵҟагьы иҳәеит Арӡынба иагьазгәеиҭеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара атауарқәа рыла ахәаахәҭра аҭышәныртәаларазы аԥкырақәа шыҟоу.

"Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара анапы аҵаҩуп атауарқәа рыла ахәаахәҭра арежим азы Аиқәшаҳаҭра. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсныҟа иаарго атауар абаџь ахыршәаауам, иара убас ауп Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ирго атауаргьы абаџь шахырымшәаауа", — иҳәеит иара.

Атәылаҿ уажәы аус ауеит рекспорт зхы аззырхо анаплакқәа рыцхырааразы апрограмма, "Аинвистициатә усуразы" азакәан. Азакәан аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳәынҭқарра иалшоит анаплакыҩцәа ашәахтә аҟынтә аамҭала рхы рақәиҭтәра.

Аминистр иара убасгьы далацәажәеит аҭыԥантәи аалыҵ арахь иаагоу аалыҵ аасҭа ахәԥса аиҳара атәы.

"Уи раԥхьа иргыланы изыхҟьоны иҟоу аҳәаанырцәтәи анаплакыҩцәа рымчлшара акыр иахьеиҳау ауп аҭыԥантәиқәа раасҭа. Дара рҿы атауар ахатәхәыԥса иара ахышәа-ҵышәа иаҿырԥшны илаҟәуеит. Аԥсны идуу анаплакы ҳәа иаҳшьо Урыстәылазы ихәыҷу анаплакқәа роуп изшьашәало. Урыстәылатәи абжьаратә наплакҩы ашықәстәи иеикәыршара 25 миллиард мааҭ рҟынӡа артәоит", — иҳәеит аминистр.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит аҭыԥантәи аалыҵ ахаҭабзиара акырӡа ишеиӷьу аҳәаанырцәтәи аасҭа.