Британиаа ирзышьақәмыргылеит Скрипалиаа рҭаацәара ирыҭаз ахәшә ахьынтәааго

Портон-Даун ахимиатә лабораториа аиҳабы ишьақәирӷәӷәеит ирымаз аҿырԥшы амаҭәашьар "Новичок" иашьашәалоуп ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 4 — Sputnik. Портон-Даун ахимиатә лабораториа аиҳабы ишьақәирӷәӷәеит ирымаз аҿырԥшы амаҭәашьар "Новичок" иашьашәалоуп ҳәа, иара убри аан иара ахыҵхырҭа рзышьақәмыргылеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Портон-Даун ахимиатә лабораториа аиҳабы ателеканал Sky News аинтервиу анеиҭоз ииҳәаз ажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

ГРУ уаанӡатәи аполковник Сергеи Скрипали иԥҳа Иулиеи Лондон иахьынхоз ахәшә рыҭан. Британиатәи амчрақәа иҟалаз Урыстәыла иахарартәит.

Урыстәыла акәзар ари мап ацәнакуеит.