Арадио

Ферзба раԥхьатәи исолатә концерт азы: сгәы иҭаскыижьҭеи акырҵуан

Жәларбжьаратәи аицлабрақәа рлауреат Алхас Ферзба раԥхьатәи исолатә концерт Апснытәи ахәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥысуеит иахьа асааҭ 18 рзы. Алхас инаигӡоит аурыс композитор Сергеи Рахманинов иромансқәа.
Sputnik
Ферзба раԥхьатәи исолатә концерт азы: иуадаҩуп сара сзы

"Аконцерт амҩаԥгара сгәы иҭаскыижьҭеи акырҵуан. Аха ишақәнагоу изышьақәымгылар алшоит ҳәа схыцуан. Иуадаҩуп  ари аконцерт сара сзы, избанзар сыԥсадгьыл аҿы сыуаажәлар  раԥхьа сықәгылоит. Исҭахуп сыгәҭакқәа дара ргәы аҟынӡа инаӡарц", — иҳәеит Ферзба.