Москватәи ахәаахәҭратә Центр аҿы амцакра иахҟьаны аӡәы дҭахеит

Москватәи ахәаахәҭратә Центр "Персей" аҿы амцакра иахҟьаны аӡәы дҭахеит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 4— Sputnik. Москва мрагыларатәи ахәҭаҿы иҟоу ахәаахәҭратә Центр "Персей" аҟны амцакра ҟалеит. Уажәтәи аамҭазы амца дырцәеит, аха Ацентр аусзуҩцәа руаӡәк дҭахеит, хҩык амцарцәаҩцәа аахақәа роуит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Москва ГУМЧ аиҳабы Илиа Денисов иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Москватәи ахәаахәҭратә Центр аҿы амцакра ҟалеит

"Москва мрагыларатәи ахәҭаҿы иҟоу ахәаахәҭратә Центр "Персей" аҟны амцакра ҟалеит. Уажәтәи аамҭазы амца дырцәеит, аха Ацентр аусзуҩцәа руаӡәк дҭахеит, хҩык амцарцәаҩцәа аахақәа роуит. Амцакра иамҽханакны иҟан 80 метр ԥшьыркца", — иҳәеит Денисов.

Ԥшьбаны еихагылоу ахәаахәҭратә Центр аус ауеит 2009 шықәса раахыс.

Ахҭыс ҟалеит Урыстәыла зегьы аҟны Кемерово аҭыԥ змаз арыцҳара ашьҭахь агәаҭарақәа анымҩаԥырго аамҭазы.

Хәажәкыра 25 рзы Кемерово ахәаахәҭратә центр "Зимняя вишня" аҿы иҟалаз амцакра иахҟьаны иҭахеит 64-ҩык ауаа, урҭ рҟынтәи 41-ҩык хәыҷқәан.