Аԥснытәи аԥшьаныҟәаҩцәа Иерусалимтәи апатриарх иԥылеит

Аԥснытәи аԥшьаныҟәаҩцәа идикылеит Иерусалим апатриарх Феофил III.
Sputnik

ИЕРУСАЛИМ, мшаԥы 5 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥшьа Симон Кананити Аԥшьа Евстафи Аԥсилтәии рыхьӡ зху Афонд ахантәаҩы Рауф Ҳаразиа Феофил III иԥыларақәа традициак еиԥшхеит ҳара ҳзы иҳәеит.

Аԥснытәи анцәахаҵаҩцәа Иордан аӡыԥшьаҟны рҽыркәабеит

"Абар уажәшьҭа ԥшьышықәсоуп ҳара Иерусалимҟа ҳаауеижьҭеи Амшаԥныҳәа аламҭалазы. Абарҭ аамҭақәа рзы ҳаиԥылоит Иерусалим апатриарх Феофил III", — иҳәеит Аԥшьа Симон Кананити Аԥшьа Евстафи Аԥсилтәии рыхьӡ зху Афонд ахантәаҩы Рауф Ҳаразиа.

Иерусалимтәи Апатриарх Феофил III аԥсуа иереи Никита Адлеиба анацәахаҵа џьар ииҭоит ҳамҭаны.

"Ҳара Иаҳхылаԥшу дахьиз аҭыԥ ҳаҭааит. Иерусалимтәи Апатриарх Феофил III ҳареи ҳаиԥылеит. Уи азы Анцәа ду ҭабуп ҳәа иасҳәоит. Иерусалимтәи Апатриарх Феофил III Анцәа исахьақәа ҳамҭас иаҳҭеит. Уи аҭакс иаргьы сара анацәахаҵа џьар сиҭоит ҳамҭаны" — иҳәеит аиереи Никита Адлеиба.

Аԥснытәи аԥшьаныҟәаҩцәа ражәақәа рыла ари адгьыл аҟны аҟазаара насыԥуп.дара арахь иааиит хәажәкыра 30 рзы. Абри аамҭала еиуеиԥшым аԥшьа ҭыԥқәа ирҭааит.

Дара Аԥснынтәи Иерусалимҟа амҩа ианықәлоз Аҟәатәи акафедралтә уахәамаҟны Анцәа иашьапкра, имҵаныҳәара мҩаԥыргеит. Дара ирыгәҭакуп Амшаԥ аламҭалаз Аԥсныҟа Амца ԥшьа аҟәырҷаха аагара.

Паломники из Абхазии посетили Иерусалимский Патриархат