Арадио

Аҭана Агрԥҳа лфильм "Алимонад ҟаҵаҩы Џьо" иазкны: схәыҷра аасырԥшит

Аҟәатәи Жәлабжьаратәи акинофестиваль алахәыла, арежиссиор қәыԥш Аҭана Агрԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит, зметр кьаҿу лфильм "Алимонад ҟаҵаҩы Џьо" атәы.
Sputnik
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Аҭана Агрԥҳа лфильм "Алимонад ҟаҵаҩы Џьо" иазкны

"Схәыҷра шықәсқәа зегьы абри афильм аҿы еизызгеит. Еиҭасҳәарц сҭахын алимонад ҟаҵаҩы Џьои ахәыҷыи реизыҟазаашьа атәы. Аҟәа имҩаԥсыуа афестиваль даара ибзианы еиҿкаауп, избо даара исгәаԥхоит. Ажиури алахәылацәа ҳаҭыр ду зқәу роуп, уи уаргәырӷьаратә иҟоуп. Афестиваль алахәылацәа рзы уи даара акраҵанакуеит, сара хаҭала, сфильм иахырҳәаарызеишь ҳәа сыԥшын", — лҳәеит Агрба арадио Sputnik аефир аҟны.