Арадио

Чкадуаԥҳа: Аԥсны анҭыҵ "Абаза" ааӡамҭацәа иаҳагьы рхы аадырԥшуеит

Ахәыҷтәы ҟазаратә школ "Абаза" асахьаркыратә напхгаҩы Циала Чкадуаԥҳа арадио Sputnik аҟны дырзааҭгылеит лааӡамҭацәа реихьӡарақәа.
Sputnik
Чкадуаԥҳа: Аԥсны анҭыҵ "Абаза" ааӡамҭацәа иаҳагьы рхы аадырԥшуеит

"Ҩышықәса аҵара зҵаз афестивальқәа рахь изгоит. Уи азы ҳаицәажәаны, аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵоит ахәыҷқәа ҳа ҳахь ианнеиуа. Афестивальқәа рҟны ахәыҷқәа реизҳара мҩаԥысуеит, уи иаразнак иубоит. Иаҳа рҽеидыркылоит, аицлабра рныруеит. Аԥсны ахьӡала ҳцоит, акгьы рзыҟамҵеит ҳәа рҳәо иҟашәымцан ҳәа срацәажәоит. Рхы бзианы иаадырԥшуеит еснагь, аҩны аасҭа иаҳагьы еиӷьны иқәгылоит", — ҳәа азгәалҭеит Чкадуаԥҳа.

Ахореографиатә ҟазаразы Казань ақалақь аҟны ааигәа имҩаԥысыз Аабатәи Жәларбжьаратәи аицлабра–афестиваль аҟны "Абаза" ааӡамҭацәа агран-при ргеит.