АИХ: Лондон ишьақәнаргылеит "Новичок" ахьыҭрыжьыз

АИХ рдыррақәа рыла Британиа ду амчратә структурақәеи аиҳабыреи рҟны ишьақәдырӷәӷәоит Сергеии Иулиеи Скрипальаа ирырҭаз ахәшә "Новичок" Саратовтәи аобласт аҟны иҭыжьуп ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 6 —Sputnik. Агазеҭ Times адыррақәа рыла Британиа ду амчратә структура ҷыдақәеи аиҳабыреи рҟны ишьақәдырӷәӷәоит Сергеии Иулиеи Скрипальаа ирырҭаз ахәшә "Новичок" Саратовтәи аобласт аҟны иҭыжьуп ҳәа.

Лавров урыстәылатәи адипломатцәеи "Скрипаль иуси" реидҳәалара ахҳәаа аиҭеит

Аҭыжьымҭа ахыҵхырҭақәа ишырҳәо ала ахәшә ахьҭыжьыз аҭыԥ шьақәыргылан "аԥшыхәратә информациеи аҭҵаарадырратә анализи рхархәарала". Иара убасгьы аҭыжьымҭа иаҳәоит Британиа аиҳабыра Солсбери ахҭыс ҟалаанӡагьы ишырдыруаз Британиа "Новичок" ҳәа изышьҭо амаҭәашьар А-234 ахьыҭрыжьуа аҭыԥ маӡа шыҟаз.

"Аилак Cobra аилатәара мҩаԥнагаанӡагьы ҳара иаадыруан амаҭәашьар Урыстәыла ишҭыжьыз" ҳәа иҳәоит аиҳабыраҟынтәи аинформациа зышьҭыз ахыҵхырҭа.

Times зыҿцәажәоз ирҳәеит 100% абри агәра шырго.

Хәажәкыра 4 рзы Солсбери, Британиатәи амаҵзура ҷыдақәа аус рыцызуаз, уаанӡа ГРУ аус зуаз Сергеи Скрипали иԥҳаи ахәшә рырҭеит.

Абри аан ахархәара аман Урыстәыла иҭыжьу амаҭәашьар А234 "Новичок" ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит Британаитәи амаҵзура ҷыда.

Урыстәыла акәзар абри мап ацәнакит.

Британиа ду Аԥыза-министр Тереза Меи абри инадҳәаланы Урыстәылатәи адипломатцәа 23-ҩык атәыла иалцахоит, ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәагьы русура ԥкхоит ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит.

Иулиа Скрипаль лҭагылазаашьа еиӷьхеит

Убри аҭакс Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра хәажәкыра 17 рзы 23-ҩык Британиа ду Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа "персона нон грата" ҳәа ишьаны мчыбжьык аҩныҵҟала Урыстәыла аанрыжьроуп ҳәа аӡбра аднакылеит.

Уи ашьҭахь "Скрипаль иус" инадҳәаланы, британиатәи амчрақәа рабжьгарала Евроеидгыла атәылақәак иара убасгьы Канада, Норвегиа, Украина рҟынтәи Урыстәыла адипломатцәа атәыла иалырцар ауеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

ЕАШ (США) аҳәамҭа ҟанаҵеит атәылаҟынтәи 60-ҩык урыстәылатәи адипломатцәеи 12-ҩык ООН иҟоу атәыла ахаҭарнакра аусзуҩцәеи атәылаҟынтә ишықәцахои Сиетл иҟоу Урыстәылаа консулра хада шадыркуеи рзы.

Иара убри аан иарбанызаалак Урыстәыла ахара ахаразтәыша ршаҳаҭга ыҟан иҟам.

Москва имҩаԥысуа провокациоуп ҳәа ахнаҳәаауеит. Владимир Путин иакәзар иазгәеиҭеит Урыстәыла ахимиатә бџьар шамам.