Арадио

Дбар: апты ҿыхан аԥсабарахь идәықәлаанӡа иннырҵәатәуп

Аекологиа аинститут аиҳабы Роман Дбар арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны дазааҭгылеит амармалташьтә пты азҵаара.
Sputnik
Дбар: апты ҿыхан аԥсабарахь идәықәлаанӡа иннырҵәатәуп

"Арҭ амшқәа рзы, аптқәа иахьынӡа ыцәоу шаҟа узшьуа ауп, нас аԥырра ианалагалах уи иаҳа иуадаҩхоит.  Ауааԥсыра хыԥхьаӡарала ҩтоннак инареиҳаны еизыргахьеит.  Аекологиа аинтистут ҵыԥх  аҭҵараақәа анымҩаԥнагоз азы, 60 миллион рҟынӡа алаҳкааит, уи инықәырԥшны ауп. Ари аԥсабаратә ҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны иԥсызгьы рхыԥхьаӡара маҷым. Аҩны иҩналаз ракәзар, урҭгьы зегьы рыԥсы ҭаны изаанхом, дара ацәаакыра бзиа ирбоит аҟнытә, иҩаны иԥсуагьы иҟоуп. Макьана ауааԥсыра аизгара иаҿуп, 25 миллион рҟынӡа инагазар, нас аԥсабарахь иҿыхан идәықәло рхыпҳьаӡара даара имаҿхон", — иҳәеит Дбар арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.