"Табакерка" асахьаркыратә напхгаҩ ҿыцс дҟаҵоуп Владимир Машков

Чехов ихьӡ зху МХТи "Табакеркеи" рсахьаркыратә напхгаҩы, СССР жәлар рартист Олег Табаков иԥсҭазаара далҵит хәажәкыра 12 рзы 83-шықәса дшырҭагылаз.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 6 — Sputnik. Табаков Москватәи итеатр "Табакерка" асахьаркыратә напхгаҩ ҿыцс дҟаҵоуп Владимир Машков ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

СССР жәлар рартист Олег Табаков иԥсҭазаара далҵит

Москва ахада ихаҭыԥуаҩ Леонид Печатникови Москва акультура адепартамент аиҳабы Александр Кибовскии аколлектив дрыдыргалеит "Табакерка" асахьаркыратә напхгаҩ ҿыц –Владимир Машков.

Чехов ихьӡ зху МХТи "Табакеркеи" рсахьаркыратә напхгаҩы, СССР жәлар рартист Олег Табаков иԥсҭазаара далҵит хәажәкыра 12 рзы 83-шықәса дшырҭагылаз. Иара иԥсы анҭаз ишьҭрақәлаҩхашаз ҳәа аӡәгьы ихьӡ имҳәеит.

Уаанӡа МХТасахьаркыратә напхгаҩыс далырхит Сергеи Женовач.

Олег Табаков напхгара зиҭоз Москватәи атеатр, "Табакерка" ҳәа хьӡыс измаз атеатр шьаҭаркын 1987 шықәса рзы. Директорс дамоуп Александр Стульев.