Ахба: аԥсшьаҩы Аԥсны игәамԥхо анырацәахалак, дхынҳәӡом
© Sputnik
"Атуристә политика ҳәа изышьҭоу аԥаҳҵар ҳҳәынҭқарраҿы ауадаҩрақәагьы маҷхоит. Ауаҩы дужьар ҟалом атәым ҳәынҭқарра аҟнытә дааит ҳәа. Иҟаҵатәуп асоциалтә программақәа. Ҳажәлар жәатә-натә аахыс ачеиџьыка рыман, уи алагьы аԥсуаа рыхьыӡ хара инеихьан. Иахьа макьана ҳасасра ауп ҳаазгогьы, убри ииашан ҳазнеироуп. Атуризм аганахьала — ҳасасдкылара маҷхеит. Аԥсшьаҩы знык ауп данаауа, иԥарақәа ара иаанижьуеит, аха дааины, игәамԥхо анарыцәаха, уаҳа Аԥсныҟа дааӡом", — иҳәеит Ахба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.