Арҷелиаԥҳа: ачгара уаныҵаҵлак ашьҭахь, рацәак акрыфара ҟалом
© Sputnik
"Ауаҩы ачгара даныҵои ацәеи-ижьы аԥсы шьоит. Анаҩс даныҵыцлак, изхара ыфан даатәар усҟан иԥырхагахоит. Хәыҷы-хыҷла иациҵалароуп уаанӡа иимфоз афатәқәа. Ачгара иҵамлароуп зцәа зтәым аҳәса, ахәыҷқәа, мамазаргьы зықәрахь инеихьоу ауаа. Дарбанзаалак ачгара иҵало агәабзеира гәаҭаны даҵалароуп, уи ишилшо агәра игозароуп, игәабзеира ԥырхага анамҭозароуп", — лҳәеит Арҷелиаԥҳа арадио аефир аҟны.