"Иахьа раԥхьа инаргыланы аҳәынҭқарра ацхыраара ҟанаҵароуп. Афирмақәа зегьы ацхыраара рҭахуп, хымз ахыи-аҵыхәалеи аус уны, нас шықәсыбжак утәаны, аԥхынтәи аамҭа анбааиуа ҳәа иҟалаӡом. Уи ҳтуристә индустриа иахьа ԥхьаҟа иагаӡом. Аџьырмыкьаҿы аԥсшьаҩы данааиуа ауаа рхымҩаԥгашьа, идыргало, аганахьалагьы ауадаҩрақәа ҳамоуп. Ауаа аԥара ҟарҵар рҭахуп, аха убри аамҭазы дыҟоуп зыԥсы згәы цқьоу аҭиҩы, дыҟоуп- аԥара ада акгьы зымбогьы. Аԥсшьара аамҭа ааира иазыԥшу ауаҩы заанаҵы аҽазыҟаҵара далагароуп. Афирмақәа рнаԥхгаҩцәа рганахьала исҳәар сылшоит, аӡыргара шҳагу. Ишаҭаху еиԥш аус ҳуртә аԥара ҳамам. Иарбанзаалак банк аҿы аԥара згар сҭахуп ҳәа унеир, иузыгом, убраҟагьы аҳәынҭқарра ацхыраара ҟанаҵозароуп", — иҳәеит Саџьаҭ-иԥа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.