Арадио

Арвелод Ҭарба Фазлыбеи Ҟәыруа изкны: аҟазара ашьаҭа сиркит

Аԥсуа кәашаҩы, ахареограф, "Ашәаҳәареи акәашареи рансамль" абалетмеистер хада, Аԥсны Жәлар рартист Фазлыбеи Ҟәыруа иԥсы ҭазҭгьы апрель 9 рзы ихыҵуазаарын 80 шықәса. Ансамбль "Кавказ" адиректор, асахьаркыратә напхгаҩы Арвелод Ҭарба Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит, ҟазак иаҳасабала ишьақәгылараҿы Фазлыбеи Ҟәыруа илагала шдуу.
Sputnik
Арвелод Ҭарба Фазлыбеи Ҟәыруа изкны: аҟазара ашьаҭа сиркит

"Мықә ақыҭан Ашәаҳәареи акәашареи рансамбль анеиуаз, еснагь Фазлыбеи Ҟәыруа зегьы даарылукаартә дкәашон. Сара схаҭа раԥхьаӡа ансамбль аҿы санааиз Фазлыбеи Ҟәыруа иакәын абалетмеистер хадас иҟаз. Иара иоуп сыздызкылазгьы, аҟазара амаӡақәагьы зсаазыртыз. Фазлыбеи исирҵаз ала ауп сшьапы сшықәгылазгьы. Аҟазара ашьаҭа сиркит уҳәар алшоит", — азгәаиҭеит Ҭарба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.