Арадио

Царгәыш: ахәаԥшцәа зыршынхаша апрограмма шьақәҳаргылеит

Жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи ахәынҭқарратә ансамбль асахьаркыратә анапхгаҩы Уасил Царгәыш арадио Sputnik Аԥсны амҩаԥгаҩ Алхас Манаргиа даниҿцәажәоз иазгәаиҭеит, Урыстәыла агастрольқәа рахь рцаразы апрограмма ҷыда шеиқәдыршәаз.
Sputnik
"Хра злоу ахҭысқәа": Царгәыш ахәынҭқарратә ансамбль агастрольқәа ирызкны

"Жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи ахәынҭқарратә ансамбль 80 шықәса иранреиҳаны иахыҵуеит. Москвеи Калугеи ҳахьцо урыс ашәак набжьасҵоит акәымзар, егьы апрограмма зегьы ахы инаркны аҵыхәанӡа ҳмилаҭҭә ашәақәеи акәашарақәеи ракәхоит. Аҵыхәтәаны акәашара дҳарбоит, ахәаԥшцәа рцәа иааҭаӡыӡыртә еиԥш. Даара иргәаԥхап ҳәа ҳаҟоуп, ак агымкәа убыс иазыҟаҵаны иҟоуп", — иҳәеит Царгәыш арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.