Сергеи Скрипаль игәабзиара аҭагылазаашьа еиӷьуп

Сергеи Скрипаль иԥҳа Иулиа ахәышәтәырҭаҟынтәи дылырҩааит ҳәа аарыцҳауеит амассатә информациатә хархәагақәа.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 10— Sputnik. ГРУ уаанӡатәи аусзуҩ, аполковник Сергеи Скрипаль игәабзиара аҭагылазаашьа еиӷьхеит, ахәышәтәырҭа дылырҩрааны дыҟоуп ҳәа иазыԥшуп. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, ахәышәтәырҭа адиректор Кристин Бланшард (Christine Blanshard) иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Сергеи Скрипаль иҭагылазаашьа акырӡа еиӷьуп. Ҳгәыӷуеит иаарласны ишьара дықәлап ҳәа", — иҳәоит Кристин Бланшард.

Иулиа Скрипаль ахәышәтәырҭа дылырҩрааны дыҟоуп

Хәажәкыра 4 рзы Солсбери, Британиатәи амаҵзура ҷыдақәа аус рыцызуаз, уаанӡа ГРУ аус зуаз Сергеи Скрипали иԥҳаи ахәшә рырҭеит.

Абри аан ахархәара аман Урыстәыла иҭыжьу амаҭәашьар А234 "Новичок" ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит Британаитәи амаҵзура ҷыда.

Урыстәыла акәзар абри мап ацәнакит.

Британиа ду Аԥыза-министр Тереза Меи абри инадҳәаланы Урыстәылатәи адипломатцәа 23-ҩык атәыла иалцахоит, ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәагьы русура ԥкхоит ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит.

Убри аҭакс Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра хәажәкыра 17 рзы 23-ҩык Британиа ду Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа "персона нон грата" ҳәа ишьаны мчыбжьык аҩныҵҟала Урыстәыла аанрыжьроуп ҳәа аӡбра аднакылеит.

Уи ашьҭахь "Скрипаль иус" инадҳәаланы, ЕАШ (США) аҳәамҭа ҟанаҵеит атәылаҟынтәи 60-ҩык урыстәылатәи адипломатцәеи 12-ҩык ООН иҟоу атәыла ахаҭарнакра аусзуҩцәеи атәылаҟынтә ишықәцахои Сиетл иҟоу Урыстәылаа консулра хада шадыркуеи рзы.

Иара убри аан иарбанызаалак Урыстәыла ахара ахаразтәыша ршаҳаҭга ыҟан иҟамызт.

Москва акәзар, имҩаԥысуа провокациоуп ҳәа ахнаҳәаауан. Владимир Путин иакәзар иазгәеиҭеит Урыстәыла ахимиатә бџьар амам ҳәа.