Арадио

Аблоҭиа: аԥсуа кинематограф иаҵагылаша аҿар ыҟоуп

Акиностудиа "Аԥсныфильм" асахьаркыратә директор Виачеслав Аблоҭиа арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы иазгәаиҭеит, Аҟәатәи жәларбжьаратәи афестиваль аҿы аԥсуа режиссиорцәа рфильмқәа рыҩаӡара шыҳаракыз.
Sputnik
Аблоҭиа: аԥсуа кинематограф иаҵагылаша аҿар ыҟоуп

"Аҟәатәи акинофестиваль аҿы иӡыргаз аԥсуа фильмқәа рыҩаӡара ҳаракын. Акино аҟазара аганахьала еиҵагылоит аҟыбаҩ ҷыда злоу аҿар, уи даара уаргәырӷьаратә иҟоуп. Даара еилыккоуп аҿарацәа, акино атәы ибзианы ирдыруеит, уи азакәанқәа ирықәныҟәоит, адраматургиа еилыркаауеит. Сгәы иаанагоит, аԥсуа  кинемотограф ибзиан иаҵагылап ҳәа", — иазгәаиҭеит  Аблоҭиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.