"Атәылауаҩи аиҳабыреи": Ҳагәышь абызшәатә политиказы аилак аусура иазкны
© Sputnik
"Аҳәынҭқарраҿы еиуеиԥшым афондқәа ҳамоуп. Иаагозар, арепатриациазы афонд. Уи еиԥшу афонд ыҟазароуп ҳхатәы бызшәа аҿиаразгьы. Ус еиԥш афонд ыҟан ииашоуп, аха шәгәы ишԥаанаго, жәа-миллион мааҭ рыла аҳәынҭқарратә бызшәа ҳзышьҭхуама, ҳзадгылома иахьа?
Ҳҳәынҭқарраҿы иҟоу афондқәа зегьы ҳхы иаҳархәароуп абызшәа арҿиараҟны. Ҿырԥштәыс иаагозар, амҩатә фонд. Избан изҳмыцхраара амҩаҿы аҩырақәа, аӡыргарақәа гхада ԥсышәала рырцәажәараҟны? Арепатриациазы афонд акәзар, аԥсуа-аҭырқәа аицәажәага аҭыжьраҿы иҳацхраар, убас асоциалтә бгаԥса афонд.
Афондқәа иҟоу ацхыраара рзыҟамҵозар, абызшәатә фонд ҳәа иаԥҵатәуп убарҭ афондқәа процентк шырзоурыжьуа еиԥш", — ҳәа азгәеиҭеит Ҳагәышь арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.