Жерар Депардье Высоцки иашәақәа Москва инаигӡоит

Москва, мшаԥымзазы имҩаԥысраны иҟоу аконцерт ихнаркәшоит Владимир Высоцки диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазку аиубилеитә уснагӡатәқәа.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 10 — Sputnik. Афранцыз актер Жерар Депардье игәы иҭоуп Москваҟа аара, Владимира Высоцки иашәақәа францыз бызшәалеи урыс бызшәалеи, амузыкант диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазку аконцерт аҿы, инеигӡарц ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, ауснагӡатә аиҿкааҩцәа ражәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

37 шықәса акумир ида: Высоцкии Аԥсныи

Аиҿкааҩцәа ишырҳәо ала 1970-шықәса рзы иҟан агәҭакра, Жерар Депардьеи Даниель Ольбрыхски злахәхоз, Владимир Высоцки Едуард Володарски рсценари ала акиносахьа "Венские каникулы" аҭыхра. Акиносахьа еиҭанаҳәон аконцентрациатә лагер аҟынтәи аибашьра анҵәара мышқәак шагыз ибналаз атҟәацәа рҭоурых.

Аха ари агәҭакы анагӡара аԥнарҟәҟәааит Высоцки иԥсра.

Москва, мшаԥымзазы имҩаԥысраны иҟоу аконцерт ихнаркәшоит Владимир Высоцки диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазку аиубилеитә уснагӡатәқәа.

Ауснагӡатәқәа рхы ркит Ҟрым, абҵарамзазы иқәыргылаз аспектакль "Высоцки имҩақәа" ала. Ақәыргыламҭа рбараны иҟоуп: Иошкар-Ола, Чебоксары, Улиановск, Самара, Пенза, Саранск, Новгород.