АҞӘА, мшаԥы 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра Аԥсуа драматә театр аҟны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагеит.
Алегенда инақәыршәаны амцарцәара-еиқәырхаратә хәҭахьы аҭел иасит атеатр аҟны амцакра ҟалеит ҳәа. Амца акын 45 метр ԥшьыркца ирыҵаркуаз ахыбра ауадақәа руак. Уахь инеит амцарцәаҩцәеи ацхыраара ласы аусзуҩцәеи. Ахәаԥшыҩцәа здәылымҵуа мцала рымҩа кхеит.
Амцарцәаҩцәа аҩбатәи аихагылаҿ иҟоу аԥенџьырқәа рыла ихаланы "ааха зауз" дәылыргеит, урҭ амедицина усзуҩцәа ацхыраара рырҭеит.
"Ҳара зегьы ибзианы еилаҳкаауеит аҽазыҟаҵарақәа зымҩаԥысуа. Сынтәа ауснагӡатәқәа рацәаны ҳаԥхьа ишьҭоуп. Урҭ реиҳарак асеиԥш иҟоу ахыбрақәа рҿоуп иахьымҩаԥгахо. Ауаа рацәа еизоит. Иҟалар зылшо арыцҳарақәа раԥырҟәҟәаара ҳазыхиазароуп", — иҳәеит АҶА аминистр Лев Кәыҵниа.
Иара иажәақәа рыла аусбарҭа аусзуҩцәа рҿаԥхьа иқәгылаз адҵа нарыгӡеит лҵшәала.
Иазгәеиҭеит ԥхьаҟазы еиуеиԥшым егьырҭ аҭыԥқәа рҿгьы асеиԥш иҟоу ауснагӡатәқәа шымҩаԥгахо.