Арадио

Ебжьноу: М. Горки жәлар рашәақәа еизыжәгала ҳәа аԥсуаа ажәа рниҵахьан

"М. Горки Аԥснытәи ианҵамҭақәа" афильм аҿы еиҭаҳәоуп ашәҟәыҩҩы Аԥсны даныҟаз атәы зҳәо аҭоурыхтә хҭысқәа. Абри атәы лҳәеит афильм автор, Лиана Ебжьноу, арадио Sputnik Аԥсны иалҭаз аинтервиу аҿы.
Sputnik
Ебжьноу: М. Горки жәлар рашәақәа еизыжәгала ҳәа аԥсуаа ажәа рниҵахьан

"М. Горки аҵыхәтәантәи иаараан диԥылеит Нестор Лакоба, акомпозитор, аԥсуа жәлар рашәақәа реизгаҩ Константин Ковач. Уи аамҭазы иара иҭижьхьан ишәҟәы жәлар рашәақәа зныз, убри Горки ибеит.  Џьара иахьааидтәалаз аԥсуа ашәақәа ианиаҳа, даара игәаԥхеит, иагьиҳәон рҳәоит уи ахҭыс збаз ауаа. Убри анаҩс шықәсқәак рышьҭахь аԥсуа интелегенциа рахь асалам шәҟәы ааишьҭит, уаҟа иаҳәоит  "еизыжәгала аԥсуа шәақәа, аԥсуа лакәқәа, афольклор, уи шәа шәыда ирыхәоит иааиуа абиԥарагьы"  ҳәа", — лҳәеит Ебжьноу арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.