Евро ахәԥса ахалара асанкциақәа ирыдырҳәалоит

Европатәи авалиута 80 мааҭ иахысит, адоллар акәзар, 65 мааҭ инаӡеит. Ари зыдҳәало Еиду Америкатәи Аштатқәа Урыстәыла аганахь ала иаднакылаз асанкциа ҿыцқәа роуп.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 11 — Sputnik. 2016 шықәса ԥхынҷкәынмза аахыс раԥхьаӡа акәны Европатәи авалиута 80 мааҭ иахысит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Москватәи абиржа адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Асааҭ 10:05 мск рзы евро 79,73 мааҭ иаԥсан, адоллар – 64,46 мааҭ иаԥсахеит.

Аполитикатә хҭысқәа инарыдҳәаланы евро ахә халеит

Иара убри аамҭазы Brent амарка иатәу анефҭ ахәԥса барельк азы 0,32% илаҟәны иартәеит 70,81 доллар.

Асеиԥш аиҭакрақәа адырҳәалоит ЕАШ (США) Урыстәыла аганахь ала иаднакылаз асанкциа ҿыцқәа.

Еиду Америкатәи Аштатқәа асанкциақәа ирыҵаркит 14 еилахәыреи 17 чынуааи, Олег Дерипаска (En+ Group, агәыԥ "ГАЗ", "Базовый элемент", "РусАл"), Виктор Вексельберг (агәыԥ "Ренова"), Сулеиман Керимов, Кирилл Шамалов, Алексеи Миллер, Андреи Костин.

Иара убри аан аналитикцәа ишырҳәо ала асеиԥш аҭагылазаашьа аамҭақәак роуп иахьыҟало, маҷ-маҷ аџьармыкьа аҽышьақәнартәоит. Ацентртә банк ахантәаҩы Ельвира Набиуллина лажәақәа рыла даар ирымоуп алшара афинанстә ҭышәынтәалара ашьақәымҟьаразы.