Григориев: аԥсуа бызшәазы аԥышәареи аквотақәеи еилаӡҩатәым

Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба аҳәамҭа ҟаиҵеит аԥсуа бызшәазы аԥышәара ззымҭииз 2018 шықәса рзы лимитла Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҭаларахь инарышьҭуам ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 11 – Sputnik. Уаанӡа Аԥсны иҟаз Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Семен Григориев абжьагара ҟаиҵеит аԥсуа бызшәа аҿиара азҵаареи урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рахь абитуриентцәа ралкаареи еилаӡҩаны ирмыхәаԥшларц. Абри атәы иҳәеит иара арадио Sputnik аҟны аинтервиу анаиҭоз.

"Урыстәыла ибзианы еилыркаауеит Аԥсны аԥсуа бызшәа иарҭо аҵакы. Уи аарԥшраҿы ихадоу аҭыԥ ааннакылоит "Аиҩызареи астратегиатә еилахәыреи рзы" аиқәшаҳаҭра ахәҭаҷ 21. Абри ахәҭаҷ инақәыршәаны Урыстәыла азыхиоуп аԥсуа бызшәа апрограмма аларҵәара ацхыраара аҭара. Иара убри аан арҭ азҵаарақәа еидҳәалатәӡам. Аквотақәа ракәзар, Урыстәылатәи Афедерациа аиҳабыра ареспубликазы иаанашьҭуиет", — иҳәеит Григориев.

Какоба: аԥсуа бызшәазы аԥышәара ззымҭииз Урыстәыла аҵара рҵом

Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба аҳәамҭа ҟаиҵеит аԥсуа бызшәазы аԥышәара ззымҭииз 2018 шықәса рзы лимитла Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҭалараз аԥышәарақәа рахь инарышьҭуам ҳәа. Иара иажәақәа рыла уи хықәкыс иамоу Урыстәыла аҵара аҵара зҭаху абитуриентцәа рзы аԥсуа бызшәа еиҳа ихадоу ԥышәараны аҟаҵароуп.

"Шықәсқәак раԥхьа аԥышәарақәа хԥа мҩаԥаагон. Урҭ ируакын аԥсуа бызшәа. Азеиԥш балл аихшьалараан иазгәаҭан уи азы ироуаз ахәшьарагьы. Уажәы усеиԥш иҟам. Аԥышәарақәа мҩаԥнагоит Россотрудничество. Дара иазырыԥхьаӡоит Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирҭало рзы аԥсуа бызшәазы аԥышәара хымԥадатәины иҟам ҳәа", — иҳәоит Какоба.

Иагьазгәеиҭеит аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан инақәыршәаны Аԥсны анҭыҵ аҵараиурҭақәа ирҭало зегьы аҳәынҭқарратә бызшәа рдыруазарц ахәҭоуп ҳәа.

2018 шықәса рзы аквотақәа рхыԥхьаӡара уаанӡатәи ашықәсқәа ирҿырԥшны акыр еиҵоуп – 53 ҭыԥ роуп иҟоу.