Иулиа Скрипаль арратә база агоспиталь ахь днагоуп

Иулиа Скрипаль Солсбери ахәышәтәырҭа данылырҩаа ашьҭахь арратә база агоспиталь ахь днаргеит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 11– Sputnik. ГРУ уаанӡатәи аусзуҩ Сергеи Скрипаль иԥҳа Иулиа Скрипаль Солсбери ахәышәтәырҭа данылырҩаа ашьҭахь арратә база агоспиталь ахь днаргеит ҳәа аанацҳауеит аҭыжьымҭа The Sun.

Сергеи Скрипаль игәабзиара аҭагылазаашьа еиӷьуп

"Лара (Иулиа. — Sputnik) агоспиталь ахь диаргеит ашәарҭадаразыи лгәабзиара шыҟоу ашьклаԥшразы" ҳәа рыҩуеит агазеҭ аҟны.

Иара убри аан иарбан арратә базоу дахьнагоу атәы ырзам.

Би-би-си ишаанацҳауаз ала Иулиа Скрипаль аҩашаҽны ахәышәтәырҭа дылырҩааит.

Хәажәкыра 4 рзы Солсбери, Британиатәи амаҵзура ҷыдақәа аус рыцызуаз, уаанӡа ГРУ аус зуаз Сергеи Скрипали иԥҳаи ахәшә рырҭеит.

Абри аан ахархәара аман Урыстәыла иҭыжьу "Новичок" ҳәа ззырҳәу амаҭәашьар ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит Британаитәи амаҵзура ҷыда.

Урыстәыла акәзар, абри мап ацәнакит.