Арадио

Занҭариа: Кьыршьал Чачхалиа аԥсуа доуҳатә ԥсҭазаараҿы аҭыԥ ду ааникылоит

Аԥсуа поет, асатирик Кьыршьал Чачхалиа диижьҭеи 100-шықәса аҵра иазку ауснагӡатәқәа реиҿкааразы, аилацәажәаратә еилакы аилатәара мҩаԥган Аԥсны ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа ихантәаҩрала.
Sputnik
Занҭариа: Кьыршьал Чачхалиа аԥсуа доуҳатә ԥсҭазаараҿы аҭыԥ ду ааникылоит

"Кьыршьал Чачхалиа диижьҭеи шәышықәса аҵра азгәаҭара уи уалбаганы аӡәгьы идӡам. Иара аҭыԥ ду ааникылоит ҳаԥсуа доуҳатә ԥсҭазаараҿы. Кьыршьал исатиратә жәеинраалақәеи, игәаӷьи, ипринципқәеи ирхырҟьаны даараӡа  дааԥсахьан, асистемеи иареи иқәеибақшахьан. Иара аграждантә позициа ӷәӷәа змаз ԥсыуа хаҵан, дпатриотын. Ҳара ҳлитература, ҳашәҟәыҩҩцәа, ҳдоуҳатә хәарҭарақәа ныҟәызгоз, ӡра-ԥсра зқәым ауаа рыхьӡ аӡыргара иагьҳақәуп, иагьиашоуп, ԥхьаҟатәи ҳаҿиараҿгьы зда ԥсыхәа ҳамам усны иҟоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Занҭариа аилатәараҿы. 

Аилатәара аҟнытә инарҭбаау ажәабжь шәаԥхьар шәылшоит абра>>