"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Аншба ажәабжьқәа реизга "Амши аҵхи" иазкны
© Sputnik
"Ари апроект ду аԥсуа бызшәа аиқәырхара арҿиаразы аус здаҳуло иахәҭакуп. Ианхацҳаркуаз, даара ҳазхәыцуан ишыҟаҳҵара. Ахәыҷқәа ашәҟәы аԥхьара агәыбылра ркуеит рааигәа иҟоу ажәабжьқәа анеизеиҭарҳәо. Убри ҳазхәыцны иҳаӡбеит анацәа, абацәа, андуцәа, ҳаҭала рхәыҷқәа ирзырхәыцуа алакәқәа рҩырц. Саныхәыҷыз, исгәалашәоит санду еиҭалҳәон лхатә лакәқәа, урҭ зегь реиҳа исгәаԥхон. Уи ауп аицлабра занааҭла еиуеиԥшым рыбжьара изрылаҳҳәазгьы. Ажәабжьқәа аазышьҭыз рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп арҵаҩцәа, асахьаҭыхыҩцәа, дҳамоуп, ашкол иҭоугьы аӡӷаб. Иҟоуп атәылақәа абызшәазы ҳаиԥш аҭагылазаашьа змоу, рбызшәа аҿиаразы иадрыԥхьалоит еиуеиԥшым аекспертцәа, дара рԥышәа ҳаргьы ҳхы иаҳархәоит", — иҳәеит Аншба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.