Британиа шьамтәылатәи аоперациа иалахәхар алшоит

Британиатәи амассатә-информациатә хархәагақәа рдыррақәа рыла аескадратә минамҩаԥгагақәа иаҭахханы иҟалар шьамтәылатәи аоперациа рҽаладырхәыр ҟалоит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 12 — Sputnik. Кипр иҟоу британиатәи аҳаиртә мчрақәа Шьамтәыла ааха аҭараз ихианы иҟоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, агазеҭ Times адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Урыстәылатәи ажурналистцәа зҭаз автобус иеихсит Шьамтәылан

"Ҳҳаирпланқәа британиатәи арратә база Акротири (Кипр) аҿы ихианы игылоуп. Ҳара ҳахиоуп аоперациа аҽалархәразы" ҳәа аҩуеит агазеҭ.

Уаанӡа агазеҭ Telegraph иаҩуан Британиа Аԥыза-министр Тереза Меи британиатәи амшынаҵатәи аӷбақәа адҵа рылҭеит Шьамтәыла аганахь рхы дырхарц ҳәа. Иара убри аан Times иаҩуеит Тереза Меи Дональд Трамп иҟынтәи еиҳау аршаҳаҭгақәа лҭаххеит Дума аҭыԥ змаз ахҭыс азы ҳәа.

Шьамтәылатәи ақалақь Дума аҿы ахимиатә бџьар рхы иадырхәеит ҳәа АИХ рҟны адыррақәа ыҟан ииасыз амчыбжь азы.

Мраҭашәаратәи атәылақәа ахара адырҵеит аофициалтә Дамаск.

Шьамтәылеи Москвеи уи мап ахырҳәааит.