"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Лагәлаа Анталиа имҩаԥысуаз аконгресс иазкны
© Sputnik
"Ҭырқәтәыла ҳаҟазаара аамҭа иалагӡаны ҳџьынџьуаа ирыбзоураны еиҿкаан еиуеиԥшым ахәышәтәырҭақәа рнапхгаҩцәеи ҳареи ҳаиԥыларақәа. Сҭамԥылтәи ахәышәтәырҭақәа рҿы ҳнеины иҟоу аҭагылазаашьа ҳбартә еиԥш алшара ҳаман. Ҳрабадырит ҳзанааҭ иадҳәаланы аус зуа ҳџьынџьуаа, дара Аԥсныҟа иааны ацхыраара шҳарҭо атәы азгәарҭеит", — иҳәеит Лагәлаа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.