Скрипалиаа ирырҭаз ахәшә "Новичок" шакәу шьақәырӷәӷәоуп

Ахимиатә бџьар ахархәара аԥырҟәҟәааразы аиҿкаара аекспертцәа ишьақәдырӷәӷәеит ГРУ уаанӡатәи аусзуҩ, аполковник Сергеи Скрипали иԥҳа Иулиеи ирырҭаз ашҳам-хәшәы "Новичок" ауп ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 12— Sputnik. Ахимиатә бџьар ахархәара аԥырҟәҟәааразы аиҿкаара аекспертцәа аҭҵаарақәа рышьҭахь иҟарҵаз ражәахә хыркәшаҿы ишьақәдырӷәӷәеит ГРУ уаанӡатәи аусзуҩ, аполковник Сергеи Скрипали иԥҳа Иулиеи ирырҭаз ашҳам-хәшәы "Новичок" ауп ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, SKY NEWS адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Уаанӡа агазеҭ Daily Mail аҳәамҭа ҟанаҵахьан ахимиатә бџьар ахархәара аԥырҟәҟәааразы аиҿкаара аекспертцәа Солсбери аҭыԥ змаз ахҭыс ҭҵааны русура хдыркәшеит ҳәа.

Хәажәкыра 4 рзы Солсбери, Британиатәи амаҵзура ҷыдақәа аус рыцызуаз, уаанӡа ГРУ аус зуаз Сергеи Скрипали иԥҳаи ахәшә рырҭеит.

Абри аан ахархәара аман Урыстәыла иҭыжьу "Новичок" ҳәа ззырҳәоу амаҭәашьар ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит Британаитәи амаҵзура ҷыда.

Урыстәыла акәзар, абри мап ацәнакит.