Арадио

Тапаӷәуа: Ҟрым азакәанқәа русушьа ҳахәаԥшуеит

Ҟрым имҩаԥысуа Алада-Урыстәылатәи апарламенттә ассоциациа аконференциа иалахәуп Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа. Баҭал Тапаӷәуа Ҟрымынтәи арадио Sputnik Аԥсны амҩаԥгаҩ Сусана Саӡԥха данлыҿцәажәоз иазгәеиҭеит аԥышәаеимадаразы аконференциа хра злоу ак акәны ишыиԥхьаӡоу.
Sputnik
Тапаӷәуа: Ҟрым азакәанқәа русушьа ҳахәаԥшуеит

"Ҟрым ирыдыркыло азакәанқәа аус шыруа абара ҳара ҳзы хра аланы исыԥхьаӡоит. Анаҩс ҳтәылаҿы, аҳәынҭқарратә ус аҿы, ҳхы иаҳархәарцаз. Ҟрыми Аԥсни еицырзеиԥшу рацәоуп, иара атуризми ааглыхратәи уҳәа азҵаарақәа рҿы. Аҩ-ҳәынҭқаррак ҳапроблемақәа еиԥшуп уҳәар алшоит", — азгәеиҭеит Тапаӷәуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.