Трампи иабжьгаҩцәеи Шьамтәыла иалацәажәеит

Америка Шьамтәыла аҵакыра иалахысуа иалагар, уи қәылароуп ҳәа мацара иузыԥхьаӡом, уи – мраҭашәаратәи акоалициа имҩаԥнаго арратә цәгьоуроуп ҳәа азиԥхьаӡоит Андреи Красов.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 12— Sputnik. Дума ақалақь аҿы ахимиатә бџьар ахархәара аман ҳәа иҟоу агәаанагара инамаданы Америка Ахада Дональд Трамп идыргалеит Шьамтәыла аганахь ала ахымҩаԥгашьа ахәаԥшразы еиуеиԥшым авариантқәа.

Трампи иабжьагаҩцәеи алацәажәеит Шьамтәыла шықәсык аԥхьа иаҭаз ааха аасҭа еиҳа инарҭбааны ажәылара амҩаԥгара азҵаара.

Вашингтон иаԥхьаӡоит амчратә операциа еиҳа ирҭбаатәуп аамҭалагьы еиҳа иацҵатәуп ҳәа.

Аҩбатәи америкатәи аесминец Шьамтәыла аганахь ахы археит

Авариантқәа ируакын аракетатә жәыларақәа.

Трамп мап ацәикуам Дума ақалақь аҿы ахимиатә бџьар ахархәара аман ҳәа иҟоу агәаанагара аҭакс арратә мчы ахархәара.

ООН иҟоу Урыстәыла ахаҭарнак Васили Небензиа иазгәеиҭеит ахҭыс асценари шамаз мбашьа шыҟам.

Уи адагьы Небензиа Еиду аштатқәа ргәы рҽаниҵеит Шьамтәыла ажәлара аҭак аиур шалшо азы.

Америкеи мраҭашәаратәи рыдгылаҩцәеи Дамаск ахара адырҵоит ахимиатә жәылара мҩаԥнагеит ҳәа. Америкаа ракәзар арратә мчрақәа Шьамтәыла ааигәарахь еизыркуеит.

Америка Шьамтәыла аҵакыра иалахысуа иалагар, уи қәылароуп ҳәа мацара иузыԥхьаӡом, уи – мраҭашәаратәи акоалициа имҩаԥнаго арратә цәгьоуроуп ҳәа азиԥхьаӡоит Андреи Красов. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.