Урыстәылатәи ажурналистцәа зҭаз автобус иеихсит Шьамтәылан

Урыстәылатәи ажурналистцәа зҭаз автобус иеихсит Шьамтәылан. Ажурналистцәа зегьы аҭыԥ аҿы аҳақьымцәа ацхыраара рырҭеит. Урҭ рыԥсҭазаарақәа шәарҭара рымам.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 12— Sputnik. Урыстәылатәи ажурналистцәа зҭаз автобус иеихсит Шьамтәылан, Мрагыларатәи Гута иахьаҵанакуа аҭыԥ аҿы. Ажурналистцәа зегьы аҭыԥ аҿы аҳақьымцәа ацхыраара рырҭеит. Урҭ рыԥсҭазаарақәа шәарҭара рымам ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.

Ахҭыс ҟалеит ахаша, асааҭ 18:20 рзы.

"Урыстәылатәи ажурналистцәа зҭаз автобус иеихсит Шьамтәылан, Мрагыларатәи Гута иахьаҵанакуа аҭыԥ аҿы идырым ахаҿқәа" ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аусбарҭа ишаанацҳауа ала НТВ акорреспондент Алексеи Ивлеви, ателеканала "Россия 1" аоператор Михаил Виткини "Звезда" аоператор Владислав Додонови ибаргәым ахәрақәа роуит.

Ажурналистцәа зегьы аҭыԥ аҿы аҳақьымцәа ацхыраара рырҭеит. Урҭ рыԥсҭазаарақәа шәарҭара рымам.

Урҭ уажәы арратә госпиталь ахь инагоуп.