Аргәынԥҳа "Аԥынҵатәыҩақәа" иазкны: ахәаԥшҩы еиликаап ҳәа сгәыӷуеит
© Sputnik
"Арежиссиор еснагь имоуп иқәиргыларц ииҭаху аҩымҭақәа. Абри апиеса сара ссиа иалан. Сынтәа апсуа драматә театр асахьаркыратә хеилак ирыдызгалеит хҩымҭак, урҭ рҟынтә иалыркааит Енжен Ионеско ипиеса "Аԥынҵатәыҩақәа". Аҩымҭа афырхацәа руаӡәк ауаҩытәыҩса исахьа иманы даанхоит, егьырҭ зегьы рхыҿсахьақәа еицакуеит. Избан? Апиеса иқәнаргылоит иахьатәи аамҭазы актуалра змоу азҵаарақәа. Сгәыӷуеит ахәаԥшҩы уи еиликаап ҳәа", — азгәалҭеит Аргәынԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.