Лондон аҭамзаара шьҭанаҵеит урыстәылатәи аҳаирплан аҿы имҩаԥгаз агәаҭарақәа рзы

Аԥыррақәа ршәарҭадараз британиатәи Ацентр аҭамзаара шьҭанаҵеит урыстәылатәи аилахәыра "Аэрофлот" иатәу аҳаирплан аҟны аԥҟаррақәа зегьы еилаганы имҩаԥгаз агәаҭарақәа рзы. Ахҭыс аҭыԥ аман лондонтәи аҳаиртә баӷәаза Хитроу аҿы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 13 — Sputnik. Аԥыррақәа ршәарҭадараз британиатәи Ацентр аҭамзаара шьҭанаҵеит урыстәылатәи аилахәыра "Аэрофлот" иатәу аҳаирплан аҟны аԥҟаррақәа зегьы еилаганы имҩаԥгаз агәаҭарақәа рзы. Ахҭыс аҭыԥ аман лондонтәи аҳаиртә баӷәаза Хитроу аҿы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла атранспорт аминистр Максим Соколов иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Урыстәылатәи СУ-25 Шьамтәыла икарыжьит

Британиа ду аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Бен Уоллас уаанӡа аҳәамҭа ҟаиҵахьан аҳаиртә баӷәаза Хитроу аҟны урыстәылатәи аҳаирплан агәаҭарақәа мҩаԥган ацәгьоурақәа ирҿагыло астандарт процедурақәа рҳәаа иҭагӡаны ҳәа.

Хәажәкыра 30 рзы британиатәи аполициеи аҳазалхыҩцәеи аԥҟаррақәа зегьы еилаганы ареис Лондон — Москва агәаҭаарқәа мҩаԥыргеит. Ззин ыҟамыз маҭәарк иашьҭан, иара убри аан асеиԥшқәа раан иахәҭаны иҟаз акт шьақәыдмыргылаӡеит.

Уи адагьы агәаҭарақәа раан аекипаж аҳаирплан аанрыжьырц адҵа ҟарҵеит. Британиа иҟоу Ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнак иҽаналеигала ашьҭахь, аҳаирплан акапитан азин иҭан акабинаҿ даанхарц азы.

Абри аганахь ала Британиа иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Британиа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь анота нанашьҭит. Анотаҿ дҵаны иқәыргылан ахҭыс мзызс иамаз арзара.