Арадио

Миқаа: амч ахьыҟам аҳәынҭқарраҿы амилаҭ ыӡуеит

Иаарласны Аԥсны иаԥҵахо ауаажәларратә еидгыла ҿыц "Аԥсҳара" ахықәкы хада арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит уи аԥшьгаҩ Леуан Миқаа.
Sputnik
Миқаа: амч ахьыҟам аҳәынҭқарраҿы амилаҭ ыӡуеит

"Аԥсуа ҳәынҭқарра иамаз аидеологиа аԥсуара акәын. Аԥсуара аетикет ҳәа ауп ишаадыруа. Аха аԥсуара амҽках даара иҭбаауп, аԥсуара уи дунеихәаԥшышьоуп, философиоуп. Убри афилософиа аҟнытә инеиуа аҳәынҭқарра ашьақәгылара иацхраауа зегь ҳхы иаҳархәароуп. Аԥсуара зегьы шьатас иазышьҭаҵатәуп.  Аҳәынҭқарра аформагьы, аҳәынҭқарратә еизыҟазаашьагьы, аԥсуара алагаланы иҟаҵоуп. Адунеи зегьы ирзеиԥшу, адемократиатә аформа ала ауп ҳшьышьақәгылоу. Аха абри аформагьы зегьынџьара еиԥшӡам. Аԥсуаа иаҳа иаҳнаало аилкаатәуп. Ҳара ҳтоурых, ҳҵас, ҳмилаҭ ианаалоу зегьы тҵааны иҳадаҳкылароуп. Амч ахьыҟам аҳәынҭкарра, амилаҭ ыӡуеит.  Иахьа ҳазҭагылоу аҳәынҭқарра амч амаӡам, амилаҭ аԥеиԥшгьы даара иуашәшәыроуп", — ҳәа азгәеиҭеит Миқаа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.