Telegram аусура аанкылахар ҟалоит

Роскомнадзор аӡбарҭахь ашшыԥхьыӡ нанашьҭит Telegram аусура аанкылахарц азы, амессенџьер афедералтә шәарҭадаратә усбарҭа ашифр-цаԥха ахьарымҭаз инамаданы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 13— Sputnik.  Москва ақалақь Тагантәи аӡбарҭа Роскомнадзор ашшыԥхьыӡ адгылара анаҭеит Урыстәыла аҩныҵҟа Telegram аусура аанкыларазы ҳәа аӡбарҭатә зал аҟынтәи иааицҳауеит РИА Новости акорреспондент.

Аӡбарҭа аилатәара аамҭа рацәа амгеит. Сааҭыбжак инарзынаԥшуа аӡбаҩ идгалан амессенџьер ахара шамоу азы арҵабыргра. Роскомнадзори АШәМ (ФСБ) аҳәамҭа ҟарҵеит Telegram аусура аанкылахарц азы, амессенџьер АШәМ (ФСБ) ашифр-цаԥха ахьарымҭо аҳәынҭқарра аинтересқәа ҵнашәаауеит, атеррористцәа рзы ицхыраагӡоуп ҳәа.

Telegram аиуристцәа аилатәарахь имааиӡеит, амессенџьер аԥҵаҩы Павел Дуров уи азин ҟаимҵеит ҳәа азгәаҭаны.