Толкин иԥа иҭымҵыцыз иаб ишәҟәы аҭыжьра игәҭакуп

"Хоббити" "Властелин колеци" иҩаанӡа еицырдыруа ашәҟәыҩҩы Джон Р.Р. Толкин иҩхьан "Падение Гондолина", Адгьылбжьара дунеи иазку ацикл иаҵанакуа раԥхьатәи ашәҟәы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 13— Sputnik. Кристофер Толкин, еицырдыруа англиатәи ашәҟәыҩҩы Джон Р.Р. Толкин иԥа аҭыжьраз азырхиара даҿуп уаанӡа иҭымҵыцыз арҿиамҭа ҳәа аанацҳауеит Sputnik Южная Осетия агазеҭ "Известия" адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Падение Гондолина" "Хоббити" "Властелин колец" ҭыҵаанӡа иҩыз рҿиамҭоуп, Адгьылбжьаратә дунеи ацикл иаҵанакуеит.

Араҟа илацәажәоуп акрал Тургон иргылаз аельфқәа рықалақь Гондолин алашьцара анцәахәы Моргота иҟынтәи ахьчара зыԥсҭазаара ақәызҵаз афырхаҵа.

Толкин иҷкәын иԥсҭазаара зегьы иҭыжьым иаб ирҿиамҭақәа аредактура рзуреи, рҭыжьреи рыҭҵаареи ирызкуп. Иара инапхгарала, аредактура азуны иҭыҵит: "Сильмариллион", "Дети Хурина", "Берен и Лютиен".