Арадио

Лагәлаа: ажәлари аҳәынҭқарреи аимадара рыбжьазароуп

Ауаажәларратә еидгыла "Аԥсҳара" ахықәкы хада арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы аусзуҩ ҷыда Леуан Лагәлаа.
Sputnik
"Хра злоу ахҭысқәа": Лагәлаа ауаажәларратә еидгыла "Аԥсҳара" аԥҵара иазкны

"Ари ахеидкыла иалахәу ауаажәларра ахаҭарнакцәа акрааҵуеит  аҳәынҭқарраҿы иҟоу еиуеиԥшым апроблемақәа, аусхкқәа ирылацәажәоижьҭеи.  Уи иахылҿиааит абас еиԥш ахеидкыла аԥҵара. Уи хықәкыс иамоуп, ҳаҩныҵҟа имҩаԥысуа еиуеиԥшым азҵаарақәа рыла ацәажәарақәа еиҳа ауаажәларра алархәны инарҭбааны имҩаԥгара. Уи иара аҳәынҭқаррагьы ауаажәларрагьы ирыхәап ҳәа агәаанагара ыҟоуп, избанзар гәыԥҩык инарҵауланы ак ҭырҵааргьы ажәлар рҟынӡа инагатәуп.  Иахьа имаҷуп ажәлари аҵарауааи аҳәанҭкарреи еимаданы, акы иалацәажәаны мҩак ахь иазнеины ианыҟалахьоу. Сгәы иаанагоит, убри аныҟаҵатәу аамҭаҿы ҳнеины ҳаҟоуп ҳәа", — иҳәеит Лагәлаа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.