Асҭамыр Џьопуа 20 шықәса иқәырҵеит

1981 шықәса рзы ииз, зықәра намӡац аӡӷаб лцәа ԥиҽит ҳәа изышьҭаз Асҭамыр Џьопуа Ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа иҽриҭеит рашәарамза 17 2017 шықәса рзы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 16 – Sputnik. Мшаԥы 13 2018 шықәса рзы Аҟәатәи араионтә ӡбарҭа аӡбрала иара 20 шықәса бахҭала ихгара иқәырҵеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Апрокуратура хада асаит.

"Аҟәатәи араионтә ӡбарҭа мшаԥы 13 2018 рзы иахәаԥшит 1981 шықәса рзы ииз, зықәра намӡац аӡӷаб лцәа ԥиҽит ҳәа ахара здырҵо Асҭамыр Џьопуа иус, 20 шықәсагьы бахҭала ихгара иқәырҵеит" ҳәа аҳәоит Аԥсны Апрокуратура хада асаит.

Иара убасгьы Асҭамыр Џьопуа ихарадҵа анихигалак ашьҭахь аҳәынҭқарратә органқәа рҿы хышықәса рыҩныҵҟа аусура азин имхуп, иарбанызаалак ирратә чынқәа ихыхуп.