Арадио

Ломиа Лашькьындар ашьха аҭарцәра иазкны: аиҿахысра ӷәӷәа ыҟан

Мшаԥы 16, 1993 шықәса рзы адиверсантә гәыԥ аҟынтә ахы иақәиҭтәын Тҟәарчал иахагылоу Лашькьындар ашьха. Ахҭысқәа шымҩаԥысуаз арадио Sputnik аефир аҟны игәалаиршәон уи иалахәыз Аԥсны Афырхаҵа Оҭар Ломиа.
Sputnik
Ломиа Лашькьындар ашьха аҭарцәра иазкны: аиҿахысра ӷәӷәа ыҟан

"Дара рҽазыҟаҵаны аҭабиақәа рҿы итәан. Ақалақь алахысра иазыхиан. Уаҩы дхалоит ҳәа иҟамызт. 30 метра дареи ҳареи иҳабжьаны ахәадаҿы ҳаиқәшәеит. Ухы шьҭыхны унаԥшыр, дара убон, убыс иааигәаны ҳаиҿатәан. Напыла арҭҟәацгақәа еигәыдаҳҵо аҟынӡа ҳнеит. Хәба-фба сааҭ аиҿахысра ӷәӷәа ыҟан", — игәалаиршәоит Ломиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.