"Хра злоу ахҭысқәа": Кәыҵниаԥха ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа ирзырхоу апроект иазкны
© Sputnik
"Ари апроект мҩаԥаагоижьҭе быжьшықәса ҵуеит, иара ахшаара рацәа змоу аҭаацәара ҿарацәа ирзырхоуп. Хҩык инариеҳаны ахәыҷкәа змоу Аҟәа ақалақь аҿы инхо ф-ҭаацәарак есышықәса Лоо иҳашьҭуеит, рыԥсы ршьарцаз. Знык ицахьоу ахәыҷқәа ари ахҭыс даара иазыԥшуп, ҳанырбалак еснагь иҳазҵаауеит, еиҭа ҳанбацо ҳәа. Иҟоуп аҭаацәарақәа зхыҷқәа зманы Аԥсны анҭыҵ имцац. Дара амҩаҿы рхымҩаԥгашьа уанахәаԥшуа, угәы иамыхәарц залшом. Ирбо зегьы ҿыцбараха ирбоит, рыччабжь ҳахнахуеит. Абас еиԥш ахәыҷкәа ргәалаҟазаара анаҳбалак, ҳапроект ахықәкы нагӡоуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит", — азгәалҭеит Кәыҵниаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.