Арадио

Кәарацхьелиаԥҳа: амцарцәаҩцәа еилҟьа-еилӷәыцәӡа иҟоуп

Аԥсны абылраҽацәыхьчаратә маҵзура иахыҵит 100 шықәса. Амцарцәаҩцәа ари арыцхә азгәарҭеит аицлабрақәа рыла. Урҭ шымҩаԥысыз арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит аицлабрақәа лабҿаба избаз акорреспондент Сариа Кәарацхьелиаԥҳа.
Sputnik
Кәарацхьелиаԥҳа: амцарцәаҩцәа еилҟьа-еилӷәыцәӡа иҟоуп

"Арҭ аицлабрақәа даара иџьашьахуп. Хаз игоу аспорттә хкы аҳасабала иҿиозароуп ҳтәылаҿы ҳәа агәаанагара сымоуп. Убысҟак иалашыҩкны амцарцәаҩцәа аицлабрақәа ирылахәын, схаҭагьы исҭаххеит. Наԥшҩык иаҳасабала иазгәасҭарц сҭахуп, амцарцәаҩцәа азыҟаҵара бзиа шрымоу. Џьоукы-џьоукы ишырҭахыз еиԥш рхы рзаадмырԥшит аха иааидкыланы иуҳәозар, даара исгәаԥхеит разыҟаҵашьа, еилҟьа-еилӷәыцәӡа иҟоуп. Дара рыблақәа ирхыубаалартә иҟоуп изҿу аус бзиа ишырбо", — лҳәеит Кәарацхьелиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны амҩаԥгаҩ Алхас Манаргиа даниҿцәажәоз.