Ачемпионат ахь абилеҭқәа рыҭира ахԥатәи ахәҭа иалагеит

Ахаша, мшаԥы 18 асааҭ 12:00 рзы Урыстәыла ақалақьқәа 11 рҟны иалагоит ашьапылампыл азы Адунеи ачемпионат ахь абилеҭқәа рыҭира ахԥатәи аетап.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 18— Sputnik. Акатегориақәа зегьы ирыҵаркуа абилеҭқәа рыҭира иалагоит мшаԥы 18 асааҭ 12:00 инаркны ҳәа аанацҳауеит Р-Спорт, ФИФА апресс-маҵзура аинформациа шьаҭас иҟаҵаны.

Адунеи ачемпионат ахьымҩаԥысуа ақалақьқәа зегьы рҟны иаартхоит абилеҭтә центрқәа. Ахԥатәи аетап атурнир нҵәаанӡа имҩаԥыслоит. Изҭаху гәаранла абилеҭқәа ианырҭаху иаархәалоит.

Ашьапылампыл азы ачемпионат ахь абилеҭқәа рыҭира ахԥатәи аетап хацыркхеит

ФИФА асаит ала ирыладырҵәахьеит миллионки 770 нызқь билеҭ. Зынӡа иааидкыланы ирҭихьеит 2,2 миллион билеҭ. Урыстәыла иҭиуп 796 875 билеҭ, ЕАШ (США) –80 161 билеҭ, Бразилиа –65 863 билеҭ, Колумбиа– 60 190 билеҭ, Германиа –55 136 билеҭ, Мексика –51 736 билеҭ.

Абилеҭқәа раахәара алшоит ашәаратә карта Visa ала. Аилахәыра Visa —FIFA официалтә партнерны иҟоуп. Еиҳа инарҭбаау аинформациа аԥшаара алшоит FIFA иазку иҷыдоу апроект аҿы.

2018 шықәса рашәарамза 14 инаркны ԥхынгәы 15 рҟынӡа ачемпионат ахәмаррақәа мҩаԥысуеит: Москва, Санкт-Петербург, Самара, Саранск, Ростове-на-Дону, Шәача, Казань, Калининград, Волгоград, Новгород, Екатеринбург.