Америкатәи ареппер Пулитцер иаԥхьахә иоуит

Ниу-Иорктәи Колумбиатәи ауниверситет ажурналистика ашкол аҟны имҩаԥысит Джозеф Пулитцер иаԥхьахә анашьара ацеремониа.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 18 — Sputnik. Ареппер Кендрик Ламар альбом "DAMN" азы Джозеф Пулитцер ихьӡ зху аԥхьахә ианашьахеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Аԥхьахә ранаршьоит ажурналистика, алитература, амузыка русхк аҟны зҽалызкааз. Алитературатә ԥҵамҭақәа рзы аԥхьахә ранашьахеит Мартин Маок ("Цена жизни"), Ендриу Шон Грир ("Лесс").

Акатегориа "Музыка" азы аԥхьахә иоуит ареппер Кендрик Ламар (альбом "DAMN").

Пулитцер иаԥхьахә анашьара мҩаԥысуеит 1917 шықәса раахыс, америкатәи ажурналист, Колумбиатәи ауниверситет ажурналистика ашкол ашьаҭаркҩы Джозеф Пулитцер иҳәахьа инақәыршәаны.