Роберт Џьӷамазиа 11 шықәса иқәырҵеит

Анжела Џьӷамазиа дызшьыз ҳәа агәаанагара ззыҟаз ауаҩы, лара лаб – Роберт Џьӷамазиа даанкылан Очамчыра араион, Акәасқьа ақыҭан, 2017 шықәса цәыббра 26 рзы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 18 – Sputnik. Аҟәатәи арионтә ӡбарҭа 11 шықәса иқәырҵеит Анжела Џьӷамазиа дызшьыз ҳәа агәаанагара ззыҟоу ауаҩы, лара лаб – Роберт Џьӷамазиа. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Апрокуратура хада аофициалтә саит.

Анжела Џьӷамазиа дызшьыз ҳәа агәаанагара ззыҟоу ауаҩы даанкылоуп

Анжела Џьӷамазиа лышьра аганахь ала ашьаусҭҵаара еиҭахацыркын цәыббра 22 2017 шықәса рзы Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Акәасқьа ақыҭан ацәгьа иуит ҳәа агәызҩара ззыҟаз, Анжела лаб Роберт Џьӷамазиа дахьааныркылаз инамаданы.

Апрокуратура хада аинформациала уаанӡа ашьаусҭҵаара аамҭала иаанкылан ацәгьауҩы иԥшаара иахьаҿыз инамаданы.

Анжела Џьӷамазиа лыԥсыбаҩ ԥшаан ԥхынгәы 17 2017 шықәса рзы Баслаҭа ақыҭан.

Рашәара 17 асааҭ 21:00 рзы аҟәа араион Баслаҭа ақыҭан, Школьнаиа амҩаҿ игылоу аҩны №12 аҿаԥхьа, амҩаҿ ирбеит 1994 шықәса рзы ииз Анжела Џьӷамазиа лыԥсыбаҩ. Аӡӷаб илеихсны дшьын. Лара илоуз ахәрақәа ирыхҟьаны аҭыԥ аҿы дыԥсит.

Аусҭҵаара ишышьақәнаргылаз ала Роберт Џьӷамазиа ари аус заанаҵы еиҿикааит.